Аԥсны

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан ажәытә уахәама аҵакыраҟны ажрақәа мҩаԥысуеижьҭеи ҩышықәса ҵуеит, урҭ наҟ-наҟгьы ирыцҵахоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Анхәа ақыҭан раԥхьатәи ауахәамақәа ируаку Абжьылҩа аҿы археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рып шааит, абри атәы иҳәеит Аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа.
Сангәлиа иҳәеит ишыԥшааз зқьыла амаҭәарқәа, аныхачаԥа-хәҭақәа, аџьарқәа, аҭыӡсахьақәа, асахьақәа, акерамика, асаркьалыхқәа. иара убасгьы х-кардамак.
"Аныхабаа аҩнуҵҟатә зал аҿы ауахәама аусзуҩцәа зықәтәоз ахаҳә иалху атәарҭақәа аабеит, даҽа залк аҟны абаҩқәа реизакырҭа. Урҭ аныхабаа амаҵзуҩцәа иртәызар ҟалоит. Аныхабаа аныҳәарҭа аԥхьа ахаҳә шьҭоуп. Ари шамахамзар археологцәа ирбаӡом", - иҳәеит Сангәлиа.
Аҵарауаа абаҩқәа рышықәс ҭырҵаауеит, рықәра, ианыԥсыз аамҭа, рхаҵара рыԥҳәысра шьақәдыргылоит. Макьаназ иҟоу агәаанагарала Х-ХI ашәышықәса иаҵанакуеит. Акардама аҭыӡқәа ацәашьаршь рыхьшьуп.
Арадио
Сангәлиа Анхәатәи аԥшаамҭазы: аҭоурыхтә ҵабырг еиҭазҳәо акәхеит
Сангәлиа иҳәеит ирбгаз аныхабаа аформа зеиԥшраз аилкаара алшеит ҳәа.
"Уажәазы иҭҵаауп азал, аҩналарҭа ахәҭа, ахыбрахь анеирҭа, иаанханы иҟоуп аган-ҭыӡқәа ргәаҭара аусурақәа рацәаны имҩаԥгоуп. Иааидкыланы аныхабаа зеиԥшраз ҳбарҭоуп, аргылара шымҩаԥысуаз, аҩнуҵҟа аусурақәа шцоз еилҳаргеит", - иҳәеит иара.
Еизго аматериал аус адуланы адыргақәа рыҭаны, аҳасабырбеи ажәахәынҵақәеи рзы ирхиахоит.
1 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

2 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

3 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

4 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

5 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

6 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

7 / 7

Анхәа ақыҭан археологиатә жрақәа раан аԥшаах ҿыцқәа рбеит

Аҵарауаа ргәаанагарала Анхәа аныхабаа Анаҟәаԥиа ажәытәтәи абаахыжәжәара, жә-ныхабаак рыла ишьақәгылаз, иадҳәалоуп.
"Ари иаанагоит аҭыԥантәи ҭауади-аамысҭеи заанаҵтәи абжьарашәышықәса аԥсҭазаара иалахәын ҳәа. Аԥхьа аныхабаа кыцла ихыбын, нас ахаҳәлых-кыц ақәырҵеит. Ари Аԥсны усҟан ахархәара амаӡамызт. Аиҳарак ахархәара ахьамаз Ермантәылеи мрагыларатәи Қырҭтәылеи рҿы акәын", - иҳәеит Сангәлиа.
Археологцәа аныхабаа аҵаҵӷәы инаркны ахыб аҟынӡа изеиԥшраз аилакааразы аматериал роуит. Дара ргәаанагарала аобиект изныкымкәа ирбган, "анышәыжцәа-еиқәаҵәақәагьы" изныкымкәа идырҳәхьан.
Ажрақәа ирылахәуп Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа, Аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа, архимандрит Аб Дараҭ.
Сангәлиа иазгәеиҭеит, ажрақәа ирхықәку аныхабаа еиҭашьақәыргыланы анцәаимҵаныҳәара амҩаԥгара аиҿкаара ауп ҳәа.