АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Аԥырҩы дызҭам аԥшыхәратә хархәага рыԥшааит Аҟәа, Алашарбага араион аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА апиротехникатә ҟәша аиҳабы Рамиз Цыгәба.
Цыгәба иажәақәа рыла, аԥырҩы дызҭам ахархәага шықәсыбжак аӡы ихын.
Апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аппарат АҶА ашьҭаҵарҭахь инаргеит.