Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра аныҳәамш аламҭалазы Аԥснынтәи жәа-тоннак агуманитартә еидара Донбассҟа идәықәҵан. Агуманитартә цхыраара Донбассҟа изго аԥсуа еиқәырхаҩцәа рхадараҿы дыҟан АҶ рминистр Лев Кәыҵниа.
АҶ рминистр арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит Аԥснынтәи Донбассҟа иҟанаҵо ацхыраара атәы. Агуманитартә еидара аиҳарак афатәи аӡрыжәтәи роуп, аиԥш зеиԥшу акциа раԥхьатәиим ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.