Урыстәыла

Урыстәылаа иалырхуа аҳәаанырцә хырхарҭақәа рҿы Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Урыстәылаа иалырхуа аҳәаанырцә хырхарҭақәа Ҭырқәтәыла ашьҭахь, Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа рхеилак (АТОР).
Амаҵзура адыррақәа рыла, атурқәа рыҭираҟны ареспублика ахәҭа 6% инаркны 15% нӡа инаӡоит.
2023 шықәса аԥхынра аамҭазы ареспублика иаҭааит 1 млн рҟынӡа урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа, арҭ арбагақәа 25% рыла еиҳауп ҵыԥхтәи аасҭа, азгәарҭеит УАОР аҟны.
Ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит Арабтәи Аемиратқәа-350 нызқь атуристцәа, Мысра (Египет) иаҭааит 300 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа, Таиланд-180 нызқьҩык, Мальдивы 50,5 нызқьҩык, Куба-35 нызқьҩык.
Аԥсны
Аԥсны 2023 шықәсазы урыстәылаа иалырхуа аҳәаанырцә хырхарҭақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит
Иааидкыланы 2023 шықәсазы урыстәылаа иалырхуа аҳәаанырцә хырхарҭақәа рахь аԥсшьаҩцәа рҭаара ҵыԥхтәи аамҭа иаҿырԥшны 37% рыла еизҳаит, уи 4,8 млн ныҟәара.