Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 2023 шықәсазы урыстәылаа иалырхуа аҳәаанырцә хырхарҭақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит

© Sputnik / Акоп Кущян Вид на Сухум
Вид на Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2023
Анапаҵаҩра
Асовет аамҭақәа раахыс Аԥсны урыстәылаа аԥсшьараз иалырхуа аҭыԥқәа иреиуоуп. Ареспублика ргәазырԥхо иреиуоуп абызшәеилкаара, аҳәаа аҩнуҵҟатә тәылауаҩшәҟәы ала ахысра ахьыҟало, Шәача аасҭагьы ахәқәа рылаҟәра.
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны 2023 шықәсазы урыстәылаа иалырхуа аҳәаанырцә хырхарҭақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, атуриндустриа Урыстәылатәи аидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Горин иажәақәа шьаҭас иганы.
Горин иҳәеит ареспублика 1,2 миллионҩык атуристцәа шаҭаахьоу. Еиҳа иалырхыз хырхарҭаны иҟоуп Ҭырқәтәыла, аԥхынраз уа рыԥсы ршьеит 2,6 миллионҩык.
Иара убасгьы гәаԥхарала иалырхуа атәылақәа иреиуоуп Арабтәи Аемиратқәа, Египет, Таиланд, Мальдив, Куба, Шри-Ланка, Сеишеил.
Аԥсны аекономикаҿ атуризм акраҵанакуеит. Акурорттә сезон аԥхынра анаҩсгьы ицоит.
Цәыббрамзазы аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа рырбагала Аԥсны ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит. Аиҳарак иалырхуеит Гагра, Пицунда, Аҟәа. Цәыббрамзазы аԥснытәи аотельқәа ҭәраны иҟоуп 100% инарзынаԥшуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0