Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсны иҟаз "атеррористцәа" ҭадырхеит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
"Урыстәыла аладатәи арратә базаҟны арратә хыбрақәа иажәлар зылшоз "атеррористцәа" раԥырҟәҟәааразы иаԥҵоу аҟәша аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аҽазыҟаҵарақәа раан аруаа рзы иаԥҵан аибашьра иазааигәаз аҭагылазаашьақәа.
Аҽазыҟаҵарақәа рҟны аррамаҵзурауаа аӷа дыԥшааны "дҭархан".