Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа аветеранцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара азҵаара иазкны

Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ари ашықәсбжа иалагӡаны Аԥсны анҭыҵ аҽыхәшәтәра иахысыз рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, урҭ еиҳарак изыргәамҵуа, насгьы аветеранцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара аус иааизакны ишеиҿкаау.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.