Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟрымтәи ацҳа ажәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа кажьуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Ҟрымтәи ацҳа ажәлара рҽазыршәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Цәыббра 2 москватәи аамҭала асааҭ 02:10 рзы украинатәи аган акатерқәа рыла Ҟрымтәи ацҳа ажәлара рҽазыршәеит. Аҩбатәи аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәага Амшын еиқәа ианахыԥыруаз икарыжьит",- аҳәоит адырраҭараҿы.
Атәылахьчара адыррақәа рыла, 10 минуҭк рышьҭахь иҭархан даҽа украинатәи катерк.