Аԥсны

Аԥсуа школқәа рҟны аҽазыҟаҵаратә классқәа аартхоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа зыдкылара иазыхиоу аԥсуа школқәа рҟны аҽазыҟаҵаратә классқәа аартхоит, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла, ари иҿыцу акакәым, 1992-1993 шықәсқәарзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ахәыҷбаҳчақәа рҟны аҭыԥ азымхара иахҟьаны, аҽазыҟаҵаратә классқәа аадыртуан.

"Официалла арҵаратә план иагәылаӡам. Ҳазҭоу ашықәс азы арҵаратә план иалаҳгалеит аԥсуа школқәа рҟны аҽазыҟаҵаратә гәыԥқәа. Аԥсуа школқәа адгылара раҳҭоит, урҭ еиҳа иуашәшәыроуп азы. Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы арҵагатә цхыраагӡа "Аҟәыбҷа" аҭыжьырҭахь инаҳашьҭхьеит. Уи иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо еиҿкаауп, иагәылоуп амультимедиатә анбан, аусутә тетрад, асахьаҭыхразы альбом", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.

Цәыббра 1 азы Аԥсны ихацыркын аҵарашықәс ҿыц. Сынтәа актәи акласс ахь ицеит 2452-ҩык ахәыҷқәа. Зынӡа аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵара рҵоит 29 нызқьҩык аҵаҩцәа.