Аԥсны

Гагра араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәы рҽанырҵоит

Аҳауагәаҭаҩцәа илаарыцҳауа ала, цәыббрамза актәи азбжазы аҳауа ԥхарразаауеит, аха ақәаршыҩқәеи адыдмацәыси ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Гагра араион ахадара адырра ҟанаҵоит араион аҿы амшцәгьақәа шыҟало.
Араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәақәа ирзыԥшуп уахынла асааҭ 22:00 - 01:00 рзы.
Араион анапхгара анхацәеи асасцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит излауала рыҩны идәылымҵларц.
Уаанӡа амшцәгьақәа цәыббра 5 рҟынӡа иҟалоит ҳәа адырра ҟарҵахьан Шәача. Урыстәыла АҶА Краснодартәи ахәҭа иаанацҳаит цәыббра 3-4 рзы Шәача ақәаршҩы ӷәӷәа, адыдмацәыс, аԥшатлакә ҟалоит, уи иахҟьаны аӡиасқәа рыҩаӡара шьҭыҵуеит, амшын агәаны аԥшаргьагьа ықәлар ҟалоит.
Аԥсны
Шәача цәыббрамза 5 рҟынӡа амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәы рҽанырҵеит