Аԥсны

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциазы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа алагаразы аиқәшаҳаҭра 2023 шықәса рашәара 16 рзы Санкт-Петербург рнапы аҵарҩит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрра ирыланаҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза ареконструкциа апроект анагӡаразы азыҳәақәа шрыдыркыло.
Азыҳәақәа рыдыркылалоит 2023 шықәса цәыббра 15 рҟынӡа. Анаҩс урҭ аԥсуа-аурыс комиссиа ахәаԥшраны иҟоуп.
Урыстәылатәи аганахьала акомиссиа иалахәхоит Аекономикатә ҿиара аминистрра, Атранспорт аминистрра, аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура рхаҭарнакцәа, Аԥснытәи аганахьала: ахада Иусбарҭа, Аминистрцәа реилазаара, Аҳәынҭмазараз аилак, аҳаирбаӷәаза рхаҭарнакцәа.
Акомиссиа напхгара арҭоит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны аекономика аминистрреи рхаҭарнакцәа.
Аԥсны
Апарламент аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа алагаразы аиқәшаҳаҭра 2023 шықәса рашәара 16 рзы рнапы аҵарҩит, Аԥсны Апарламент аҿы амчра арҭеит ԥхынгәы 26 рзы.
Аинвестициатә проект иазԥхьагәанаҭоит акомплекс зегьы ареконструкциа, аеродром, аеровокзалтә комплекс, ауааи аидарақәеи рымҩангара еиқәзыршәо аобиектқәа. Аеродроми аеровокзалтә комплекси аҳәынҭқарра ишахатәу иаанхоит, аинвестор ихы иаирхәалоит.
Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра 49 шықәса аҿҳәара амоуп, аинвестор изы ашәахтә режим ҷыда 25 шықәса ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Иҟоуп аиқәшаҳаҭра аҿҳәара нҵәаанӡа иаанхо альготақәагьы. Убри аан аинвестор адгьыл азы ашәахтә ишәалоит, афондқәа рахь ашәарақәа мҩаԥигалоит. Аԥсны иара убасгьы аинвестор изнархиоит ҷыдала фымцамчхарала иеиқәыршәара.