Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский аэропорт
Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2023
Анапаҵаҩра
Адокумент урыстәылатәи аиурист хаҿы аинвестициатә проект шынеигӡо азҵаарақәа ҳәаақәнаҵоит, аганқәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи шьақәнарӷәӷәоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Аиқәшаҳаҭра иадгыланы рыбжьы рҭиит 30-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит – 2, иҽааникылеит - 1.
Адокумент Аиустициа аминистрра, Афинансқәа рминистрра, Аекономика аминистрра, Аминистрцәа реилазаара ақәыршаҳаҭуп.
Апроект рыдигалеит адепутат Алхас Барцыц. Иара иажәақәа рыла иахьазы ҩыџьа аинвесторцәа ыҟоуп апроект аус адулара иазхиоу, аилаӡара зауа акомиссиа ҷыда далнакаауеит.
Аргылара ақьыра аамҭа – 49 шықәса, ашәахтә ҷыдаамҭа - 25 шықәса. Аинвестор ахашәалахәытә шәахтәи афондқәа рахь ашәарақәеи рҟынтәи ихы дақәиҭтәӡам.
Адепутат иҳәеит аинвестор акраамҭа ашәахтәқәа раӷьырак рҟынтә ихы дзақәиҭтәхо аҳаирбаӷәаза ахәҭа аԥснытәи аган аҭакԥхықәра иахьаҵанакуа ауп, аха иара аиҭашьақәыргылараз Аԥсны аԥара аҟамзаараз ахарџьқәа зегьы аинвестор ихахьы иахьиго ауп ҳәа.
Уи адагьы адепутат ишиҳәо ала, аԥснытәи аган иаҭакԥхықәуп 2023 шықәсазы 11,5 мегаватт афымцамч аргылара азынашьҭра, аҽа 4 мегаваттак 2024 шықәсазы. Уи азы Агәыӡереи Драндеи астанциа маҷқәа ҩба еиҭашаьқәыргылахоит. Аԥснытәи аган астанциа маҷқәеи анеирҭамҩеи роуп ахахьы иаго.
Актәи ахәҭаан аинвестор илагала 6-10 миллиард мааҭ артәоит.
Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, аинвестор апроекттә документациа, атехнологитә ргыларақәа раҿаԥшьра, аргылара аныҟәгара ахарџьқәа ихахьы игоит. Иарбоу аҭагылазаашьақәа рынамгӡараан аинвестор иҭаз альготақәа ахә рхишәаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0