Аԥсны

Аслан Бжьаниа Башкортосҭан жьҭаарамзазы даҭаауеит

Башкириа ареспублика Амш азгәарҭоит жьҭаара 11 рзы. Ари амш аҽны 1990 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа аднакылеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Башкортосҭанҟа днеиуеит ареспублика Амш аныҳәа иҽалаирхәразы ҳәа аанацҳауеит аканал UTV.RU арегион ахада Ради Хабиров иҟынтә адырра шьаҭас иганы.
Хабиров иажәақәа рыла, ареспубликақәа рыбжьара аиҩызара ду шьақәгыланы иҟоуп, Аԥсны ирхашҭуам Башкириа 90-тәи ашықәсқәа раан иҟанаҵаз ацхыраара.
"Абылтәы, ачашыла, амедицина аусзуҩцәа, хатәгәаԥхарала аибашьцәа… ҳмедикцәа аԥсуа еибашьцәа рыԥсы еиқәдырхон. Ҳара иҳамоуп ҳазхыҽхәаша", - иҳәеит Хабиров.
2023 шықәса хәажәкырамзазы Башкортосҭан ахада Аԥсны дыҟан. Атәыла ахада Аслан Бжьаниеи иареи аиԥылара рыман. Аганқәа рнапы аҵарҩит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра жәларбжьаратәи, аекономикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, асоциалтәи, атуристтәи, атәи усхкқәа рҟны аусеицуразы.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Башкортосҭан анапхгара идикылеит