Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Башкортосҭан анапхгара идикылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания принял делегацию из Башкортостана во главе с Радие м Хабировым.
Аслан Бжания принял делегацию из Башкортостана во главе с Радие м Хабировым. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2023
Анапаҵаҩра
Ради Хабиров зхадараҿы дыҟоу Башкортосҭан аофициалтә делегациа Аԥсныҟа иааит хәажәкыра 30 рзы. Аусутә еилацәажәарақәа хыркәшахоит мшаԥы 2 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Ради Хабиров зхадараҿы дыҟоу Башкортосҭантәи аделегациа идикылеит.
Аганқәа атауареикәыршареи атуризми русхкқәа рҟны русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Есымшагьы ҳажәларқәа аизыҟазаашьа бзиақәа еиднакылон. Аԥсны жәлар ибзианы иргәалашәоит Башкортосҭан анапхгареи ажәлари еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы адгылара шҳарҭоз. Ари уаҵәтәи аизыҟазаашьақәа еиқәзырхо, ҳабацәа ишьақәдыргылаз ҭагылазаашьоуп", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Ради Хабиров иажәақәа рыла, Аԥсни Башкортосҭани еиҳа активла реинырра аамҭа ааит.
Аԥсни Башкортосҭани реинырра азҵаарақәа инапы ианҵахоит атәыла адәныҟаекономикатә еимадарақәа рминистрра ахаҭарнак Олег Назаров, иҳәеит Хабиров.
Башкортосҭан ахада иазгәеиҭеит атауареикәыршара аусхк аҟны ареспубликақәа алшара ду шрымоу.
Аиԥылара аԥхьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан ахада Ради Хабирови Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0