Аԥсны

Ахәыҷы дызӷьычыз ҩыџьа урыстәылауаа рганахьала ашьаус хацыркуп

Хышықәса зхыҵуа Ерик Матуа иан Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала лҭаацәаратә зиқәа ԥкуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Хышықәса зхыҵуа Ерик Матуа дызӷьычыз ҩыџьа урыстәылауаа Елена Леушкинои Федора Повесмеи рганахьала ашьаус хацыркуп, абри атәы аанацҳауеит апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Леушкинеи дзыцынхоз ахаҵа Повесмеи нанҳәа 10 рзы Матуаа рыҩнаҭаҿы рмоҭа дырбон. Нанҳәа 14 рзы аиԥылара мҩаԥысит ахәыҷы ианԥса Хуршудиани ианду Шьониеи алархәны.
Ахәыҷы дрыманы аурыс-аԥсуа ҳәаахь идәықәлеит, лара амҩан амашьынақәа хԥа рыԥсахит, руак аԥсҟы лкын адукат Жанна Шенкао, аҽакы - Хьрыԥс Гәажәба.
Леушкинеи Повесмеи ахәыҷы иан Александра Леушкина лҟынтәи Урыстәыла ишьақәырӷәӷәаз аршаҳаҭга рыман. Лара лхаҭа 2023 шықәса мшаԥы 18 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала аҭаацәаратә зинқәа лзыркьаҿын.
Аҳәынҭаивтоинспекциа аусзуҩцәа агәаҭаратә ҭыԥ "Мысра" аҟны амашьына ааныркылеит.
Нанҳәа 31 рзы Леушкини Повесмеи ааныркылт. Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа урҭ рырбаандаҩразы аӡбра аднамкылеит.
Аӡбарҭа аӡбамҭа иахашшаауеит Гәылрыԥшьтәи араионтә прокуратура.