Аԥсны

Аԥсны АдәА рминистр имаҵура аанижьуеит ҳәа иҟоу аинформациа ииашам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит

Инал Арӡынба Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан 2021 шықәса абҵарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имаҵура аанижьуеит ҳәа иҟоу аинформациа иашам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит.
Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аминистрра аус шауц иауеит ҳәа.
Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы Инал Арӡынба смаҵура ааныжьны Урыстәылаҟа схынҳәуеит ҳәа иколлектив ирылеиҳәазшәа аинформациа рыларҵәан.