Аԥсны

Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ҿыц даҭоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа анапхгаҩ ҿыц иаҭаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ҿыц даҭоуп Абесалом Кәарҷиа, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Уаанӡа ахада Иусбарҭа напхгаҩыс дыҟан Џьансыхә Нанба. Цәыббра 4 рзы Ахада инапынҵала Нанба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Бжьаниа Иусбарҭа аколлектив Абесалом Кәарҷиа дыдирдырит.