АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ азенит ракетатә ҟәшақәа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иҳаирпланқәа карыжьит Ҵабал имҩаԥыргаз аҽазыҟаҵарақәа раан. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа аплан ианқәыршәаны, амотошьаҟартә ҟәшақәа аибашьыгатә дронқәа рыла ирыжәлеит. Азениттә шьақәгылақәа "Тунгуск" ала "аӷа" дҭархан.
Уи адагьы, азенитчикцәа иҭадырхеит ажәыларатә авиациа аҳаирпланқәеи авертолиотқәеи, уи азы ахархәара аҭан азениттә ракетатә шьақәгыла "Игла". Еиуеиԥшым ацәҟьарақәа ирықәдыршәон х-километр рҟынтәи.