АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Украинатәи ар аконтржәылара иалагеижьҭеи 66 нызқьҩык аибашьцәеи 7600 ак атехникеи ацәыӡхьеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Арбџьармчқәа анапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҟны.
Ацәыӡ дуқәа шамоугьы киевтәи арежим хымз ҵуеит аконтржәылара мҩаԥнагоижьҭеи. Украина Арбџьармчқәа ахырхарҭақәа рҟны џьаракгьы рхықәкы рзынамгӡеит", - иҳәеит атәылахьчара аминистр.
Шоигу иазгәеиҭеит Запорожиатәи ахырхарҭаҟны аҭагылазаашьа ӷәӷәа шыҟоу, уаҟа аӷа аибашьра иалеигалеит астратегиатә ҭаҵәах аҟынтәи агәыԥқәа.
Украинатәи архәҭақәа аиҳарак ааха рырҭеит 810-тәи абригада, 177-тәи амшынтә аршьаҟа рполк, адесант-жәыларатәи 71-тәи амотошьаҟартә полки, иара убас 76-тәи адесант-жәыларатә дивизиа.
Иара убас аминистр актәи, 12-тәи, 26-тәи атанктә полкқәа рыруаа рфырхаҵара азгәеиҭеит.
Урыстәылатәи ар украинатәи арратә хыбрақәа ааха рырҭоит, иҳәеит Шоигу. Нанҳәамзазы ааха рыҭан 34 напхгараҭартә пункт.
Иҳаҩсыз амзазы икажьын HIMARS арективтә хгәыцәқәа 159, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа зқьы цыра, аракетақәа 13.