Аԥсны

Аамз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 24% иацҵан инагӡоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аамз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 24% иацҵан инагӡоуп, абиуџьет иалагалоуп 309,2 млн мааҭ, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Аамз рзы аплан иарбан 1 млрд 856,0 млн мааҭ. Иарбоу аамҭахҵәа 2022 шықәсазы ашәарақәа 1 млрд 882,0 млн мааҭ ахыԥхьаӡалан.
Нанҳәамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы абиуџьет иаланагалеит 356,9 млн мааҭ, планла иарбан 273,7 млн мааҭ. Арбагақәа рыла нанҳәамзазы аҳазалхратә шәарақәа 30% иацҵан инагӡоуп.
2022 шықәса нанҳәамзазы ашәарақәа 262,6 млн ракәын иҟаз.