Аԥсны

Аҟәатәи ашахматасҩцәа алахәын Урыстәылеи Китаии рықалақьқәа аиашьара зыбжьоу реицлабра

Аицлабра иалахәын Урыстәыла, Китаи, Белоруссиа, Ермантәыла, Аԥсны рықалақьқәа рҟынтәи еизгоу 20 команда.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Ашахмат азы Аҟәатәи акоманда алахәын Урыстәылеи Китаии рықалақьқәа аиашьара зыбжьоу имҩаԥыргаз аиҩызаратә онлаин-еицлабра. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашахмат Афедерациа.
Аԥснытәи акоманда иалахәын Тристан Кәарцхьиа, Сарида Лакәытаа, Богдан Турков, Аскар Аџьынџьал, Сариа Лакоба, Адамыр Кәакәасқьыр.
Аицлабра аихшьаалақәа рыла аԥсуа ашахматасҩцәа аабатәи аҭыԥ ааныркылеит. Аскар Аџьынџьал иакәзар, аицлабра алахәылацәа 120-ҩык рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ даԥсахеит.