АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik, Бадри Есиава. Амҩатә машәыр ашьҭахь Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь инагаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Амедусҳәарҭаҟны ирҳәеит, ааха зманы ахәшәтәырҭахь инагаз ахаҵа иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылаз, иара идунеи иԥсахит ихшыбаҩ ахәахәара иахҟьаны.
Блабырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа амҩа хадаҟны ахаҵа амашьына аԥсҟы изаанымкылаӡакәан амҩа нхыҵ аанда кәырша дасит асааҭ 13:30 рзеиԥш. Амашәыр зыхҟьаз ҭырҵаауеит.