Аԥсны

Араду аԥсҭбара зцу амҩан амашәыр ҟалеит

Араду ақыҭа иахьаҵанакуа амҩан ҩ-машьынак еиҿасит аԥшьаша, цәыббра 7 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Очамчыра араион Араду ақыҭа амҩан ҩ-машьынак реиҿасра иахҟьаны аӡәы дҭахеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

Иара иажәақәа рыла, иҟалаз амашәыр азы аиқәырхаҩцәа адырра роуит аԥшьаша, цәыббра 7 асааҭ 10:45 рзы. Ақыҭа аҟынтәи ареспубликатә мҩаду хадахь абжьаларҭаҟны ҩ-машьынак еиҿасит.

Аҭыԥахь инеит аиқәырхаратә гәыԥ. Амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны амашьына иҭатәаз аӡәы аҭыԥаҟны лыԥсҭазаара далҵит. Амашьына аԥсҟы зкыз ахәшәтәырҭахь днагоуп.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион иҟалаз амашәыр аҟны аӡәы ааха иоуит