Аԥсны

Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы анаркокуриер дааныркылеит

Аҳәаа шьапыла иахысуаз ахаҵа иҽазишәеит амефедрони аметамфепрамони иџьыбаҿ иҵәахны аиагара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә иаҵанакуа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа анаркокуриер дныркылеит аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
41-шықәса зхыҵуа ахаҵа апаспорттә ушьҭырҭа данахысуаз игәоуҭартә дгәамҵуан, уи ауп изхьазырԥшызгьы.
Дангәарҭа идбалан аилаҳәарақәа ҩба. Аекспертиза ишьақәнаргылеит анаркотикқәа – мефедрони N-метилэфедрони шракәыз.
Уажәазы азинхьчаратә усзуҩцәа ацәгьоура аҭҵаара иаҿуп азакәан иақәшәо аӡбра рыдыркыларц азы.