Аԥсны

"Дышҭахоз идыруан": аибашьҩы Рауль Хагәышь изкны

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы имҩаԥгаз ажәыларатә аоперациақәа иреиуан ԥхынгәытәи. Ешырантәи, Гәымсҭа аӡы ирны аԥсуа еибашьацәа Цугуровка, Шрома, Каман ахырхарҭахь идәықәлон. Ԥхынгәытәи ажәыларатәи аоперациа аҵак ду аман азы, ԥсыхәа амамкәа иҟалеит "смертиники" ҳәа изышьҭаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәыԥ ашьақәыргылара. Ишҭахоз дырны аоперациа иалахәхаз дреиуоуп иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо, 22 шықәса зхыҵуаз Бзыԥҭатәи арԥыс, Леон иорден акавалер Рауль Анатоли-иԥа Хагәышь.
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы, еилашуаз акурорттә аамҭазы Хьыма Ладариаԥҳа Аӡиаҵәа аҿаԥхьа ахәаахәҭра аганахь ала аус луан. Акрыҭицәеи аахәаҩцәеи реимадара еиԥлырҟьеит аекскурсиа амҩаԥгаҩ, "аибашьра иалагеит" ҳәа агәҭынчымра аарԥшуа анҿылҭ. Ус, саси ԥшәымеи иҟарҵара рзымдыруа еилагьежьуа иаагылеит.
"Ажәабжь хлымӡаах ансаҳа, иаразнак сыҷкәынцәа сгәы иҵалеит. Сҽааидкыланы аҩны сааизар рҩыџьегьы ыҟамызт. Нас излеилыскааз ала Ныгәзар иҩызцәа дрыцны Гагра ахырхарҭахь дыҟан, Рауль инеиҭак-ааиҭакуа зны амҩақәа ахьырыхьчоз дыҟан, зны амшын аԥшаҳәаҿы. Ҳара ашәануаа рацәаҩны иҳаланхон азы, аӷа дахьынтәааиуаз ҳаздыруамызт. Убри аҟнытә Бзыԥҭа аганқәа зегьы рыла хылаԥшра аҭатәын", - еиҭалҳәоит ан Хьыма Ладариаԥҳа.
Рауль Хагәышь иан -Хьыма Ладариаԥҳа
Хьыма лԥацәа рҩыџьегьы аибашьра иахьалагылаз агәҭынчымра лыман. Аиҵба Рауль диҳәеит "уара зны уаангыл" ҳәа. Мап икуашәа анылба ишибоз акәырбан лықәылҵеит "Ныгәзар дахьцаз деибганы даар, уара усшьҭуеит" ҳәа. "Сан, бара сшыбҭаху еиԥш, сҩызцәагьы ранацәа ирҭахуп, насгьы аӷа уиҿамгылар уҩны дааины уишьуеит, еиӷьми аранӡа дааҳмышьҭар" ҳәаны, лажәақәа дацәырԥхашьаны, илықәылҵыз акәырбан ҳаҭыр шақәиҵозгьы Бзыԥаа дрыцны аӷа иҿагыларахь ддәықәлеит.
Рауль далан Сандро Цыгәба игәыԥ. Аҷкәынцәа аиҭныԥсахлараан аҩныҟа ианаалоз, Хьыма рхәы ҟаҵаны дырԥылон, "ҳан, акы бацәымшәан, иаарласны аибашьра еилгоит, ҳара ҳаиааиуеит, Раульгьы аԥҳәыс дизааҳгоит, ҳкомандаҟаҵаҩ иԥҳа иара изы длаԥшықәҵаны дҳамоуп" ҳәа лгәы ҟарҵон, аԥсҭазаара лгәадырԥхон.
Аԥсны
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
Ус иааит хәажәкыратәи ажәылара. Арҭ ишьаарҵәыраз амшқәа раан Бзыԥаа рыҷкәынцәа 27-ҩык ҭахеит. Рыгәҭа иҟан хабарда ибжьаӡеит ҳәа иԥхьаӡазгьы. Аԥсуа еибашьцәа ирықәманшәаламхаз, ршьапы иқәзырҟьаз ажәылара ашьҭахь, Рауль иҩызцәеи иареи аҩныҟа имаауа иалагеит, иҭахаз рҩызцәа ранацәа рыла ҳазлахыԥшылои ҳәа иԥхьаӡаны.
"Хәажәкыратәи ажәылараан дҭахеит сацала Дедка Жьиԥҳа лԥа Вахтанг Хагәышь. Иара ибаҩ аҭаацәа ианроу аибашьра ашьҭахь ауп. Убри аҟнытә, лара иахьлаҳауаз, сыҷкәын изы агәҭынчымра аарԥшуа сцәажәаӡомызт. Иҩызцәа дрыцуп, Аԥсназы деибашьуеит сҳәон ауп", - илгәалашәоит Хьыма.
Хәажәкыратәи ажәылара ашьҭахь, аԥсуа ар иазԥхьагәанаҭеит Аҟәа алаларазы аоперпациа амҩаԥгара, уи "ԥхынгәытәи" ҳәа нас аҭоурых иазынхеит. Сандро Цыгәба иеибашьцәа иреиуахеит "смертиники" ҳәа изышьҭаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәыԥ иалалаз. Ишҭахоз дырны ижәылаз дреиуан Рауль Хагәышьгьы.
Рауль Хагәышь
"Ԥхынгәытәи ажәылара аламҭалазы, Рауль аҩныҟа дааит. Иара ахьҭа илаланы дыҟан, амцашоурагьы иман. Иҩызцәеи иареи ахьтәаз уаҩ дахьзымнеиуаз ҭыԥын, ахәшәқәа ракәым, хымш ача анрызнамгозгьы убарын. Убасҟан цәалашәарак сымазшәа, ҩаԥхьа сиҳәеит аҩны даангыларц. Имуашәа анызба, исымаз ала лассы дысхәшәтәып ҳәа саҿын. Шьҭахьҟа аибашьратә цәаҳәахьы дандәықәлагьы ишоура мтәацкәа иҟан. Сыԥҳаи сареи ашҭа дҭыҵаанӡа деимакуа игәыдкылара ҳаҿын. Акы иаҳнарҟаҵуазаарын… Иахьагьы сыла ихгылоуп сԥа агәашә дылагыланы иблала аҩни ашҭеи шеимидоз. "Рауль, акыр ухашҭма" ҳәа сыбжьы аниқәсырга, инапы ирхахеит", - длаӷырӡышуа илгәалашәоит ан.
Ԥхынгәытәи ажәылараан, Ешырантәи идәықәлаз аибашьцәа ирықәшәоз аӷацәа рхымцақәа рнаҩс, аминақәа ирхаԥжәо иалагеит. Рауль раԥхьа ишьапы рхәит, иганаҿы игылаз иашьцәа иреиуаз Игор Хагәышь иахь ихы рханы "ахы сықәшәеит, аха ԥхьаҟа ҳаихоит" ҳәа ибжьы иқәиргеит. Рауль ипатронақәа нҵәаанӡа изшьапык дшықәгылаз дхысуан. Аҵыхәтәаны, аӷа хәымга иааишьҭыз ахы Рауль игәы иҭашәоит. Уи акәхоит, ԥхынгәы 4 1993 шықәсазы аибашьҩы наӡаӡа илацәа еихьишьуеит. Ԥхынгәытәи ажәылараан дҭахоит икомандаҟаҵаҩ Сандро Цыгәбагьы.
Рауль бааԥсыла дхәуп ҳәа ауп раԥхьа аҩныҟа адырра шыҟарҵаз. Аиаша здыруаз иҩыза Мурҭаз Первели, Хьыма даниба алаҳәара изымгәаӷькәа иаҳәшьа Лали длыҳәеит лара илалҳәарц, аха дхәуп ҳәа.
"Уи аҽны сацала Дедка Жьиԥҳа сылҭан, сгәы хьаак ыҵаланы иҟан. Зԥа ибаҩ змауз аԥҳәыс рыцҳа сара слыргәыбзыӷуан, "бымшәан" ҳәа. Уажәшьҭа сыҩныҟа санааи ауп, Лали Первели лыҽсгәыдыжьланы "Рауль дхәуп" ҳәа ансалҳәа. Иаразнак ҳаизибаган ауа аҭахы Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ҳдәықәлеит. Амҩан, Рауль дхәуп ҳәа адырра заухьаз (даргьы аиаша рыздыруамызт) сашьцәеи саҳәшьцәеи машьынала исԥылеит. "Инапы имамзаргьы, ишьапы имамзаргьы быҽбырӷәӷәароуп. Зегь раасҭа ихадоу иԥсы ахьҭоу ауп" ҳәа ишсылабжьоз агоспиталь агәашә ҳаалагылеит. Убраҟа дгылан сабхәанда Лиова Хагәышь, "бҽырӷәӷәа абааԥсы" ҳәа ибжьы ансықәирга нахыс сахьыҟаз сзымдыруа саақәхеит. Схаҿы сыхшыҩ анааи сԥа сихагылан аҩны", - ахҭыс хлымӡааз лгәалашәоит Хьыма Ладариаԥҳа.
Рауль иԥсыжра лассы еиҿкаахеит, избанзар аамҭа ирнамҭар ҟалоит, аҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа адырра рырҭеит. Ныгәзар иакәзар, уи аамҭазы иарбан хырхарҭоу дахьеибашьуаз уаҩы издыруамызт, ажәакала иашьа дизымҵәуаӡеит. Аԥсыжра аҽны, Хьыма Рауль дихагыланы дыҳәҳәар акәын илҭахыз, аха ҩаԥхьа лацала лрыцҳара даннакылон, "сара сԥа сылаӷырӡ иқәысҭәоит, лара лыҷкәын ихабар лыздыруам" ҳәа.
Рауль данҭахоз аконтузиа иауит Игор Хагәышь. Иара акраамҭа Аԥсны дырхәшәтәуан, ианаму Урыстәылаҟа дрышьҭуеит, уаҟа хымш ааҵуаны, зашьцәеи зҩызцәеи рыда адунеи ақәзаара мап ацәызкыз Игор ахәшәырҭаҿы иҽкнаиҳауеит…
Рауль Хагәышь
Хьыма Ладариаԥҳа, лыҷкәыни ицеибашьуаз иашьцәеи иҩызцәеи дрылацәажәонаҵы, изныкымкәа иазгәалҭеит, Аԥсны имҩаԥысуа аполитикатә хҭысқәа раан ажәлар рыбжьара аилыибамкаарақәа анцәырҵуа, зԥацәа анышә иазҭаз анацәа рхьаа аҟара шацло. Убри аҟнытә лыуаажәлар дрыҳәоит, ршьапы ахьыладыргыло ашьац зшьа ахьаршу, рҭынчԥсҭазаара зыбзоуроу аҷкәынцәа раҳаҭыр баны патула еизыҟазарц.
Рауль Хагәышь данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.