https://sputnik-abkhazia.info/20230904/asazaara-agama-izymbeit-aibashy-givi-aiba-izkny-1047705942.html
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, арратә дҵаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба абиԥазаҵәқәа рҽааныркыларц адҵа шыҟаиҵахьазгьы, шьала-дала зыжәлар иршьагәыҭыз... 04.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-04T15:00+0300
2023-09-04T15:00+0300
2023-09-04T15:42+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/1c/1047709762_0:46:931:570_1920x0_80_0_0_6fac3e54d60d5b5d1e1d9d081280eae3.jpg
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, арратә дҵаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба абиԥазаҵәқәа рҽааныркыларц адҵа шыҟаиҵахьазгьы, шьала-дала зыжәлар иршьагәыҭыз арԥарцәа уи иацныҟәараны иҟазма, хымԥада рҩызцәа ахьцоз ицон. Убарҭ дреиуан абиԥазаҵә, 22 шықәса зхыҵуаз гагратәи арԥыс Гиви Иури-иԥа Аибагьы. Аибашьҩы қәыԥш инысымҩа еиҭалҳәеит иаҳәшьеиҳабы Ельфрида Аиԥҳа.Гиви Аиба Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №5 ауп дзылгаз. Усҟантәи аамҭазы ауаа реизыҟазаашьа акалашәа иҟан. Арԥыс изҳауан иҩызцәеи иқәлацәеи рыбжьара ҳаҭыр иманы, арҵаҩцәа рыбзиабара даԥсаны, иҭаацәа ртәы уҳәозар - иани, иаби, иаҳәшьеи знызаҵәыкгьы ибжьы ҭӷаны дырмацәажәацызт, зегьы рзы дгәыбзыӷын. Гиви аҵараҵара шиқәманшәалахоз еиԥш аспорт аҿгьы ақәҿиарақәа ааирԥшуан. Изныкымкәа зых иақәиҭу ақәԥараҟны Аԥсни уи анҭыҵи аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааникылахьан. Гиви абжьаратә школ даналга, дҭалоит Новочеркассктәи анџьныртә-мелиоративтә институт. 1992 шықәсазы, арԥыс ахԥатәи акурс хыркәшаны аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан Аԥсны дшыҟаз ауп аибашьра ишалагаз. Аҵарашықәс ҿыц шааигәахозгьы, шьҭахьҟа сцап ҳәа ихаҿы иаамгакәа, уабиԥазаҵәуп ҳәа иуа-иҭахы шиҳәозгьы, "абиԥазаҵәқәа аҩны иаанхар, аԥсуа ар аҟара ацәыӡуеит, ус анакәха Аԥсны аӷа итәитәуеит" ҳәаны, иԥсадгьыл ахьчара дазгылоит. Гиви Аиба класск аҟны аҵара ицызҵоз аҷкәынцәа, дара быжьҩык ыҟан, аӡәзаҵәык даанымгылакәа еибашьра ицоит.Гагра араион ахақәиҭтәраан, Гиви Ԥсахара ақыҭан ахәра иоуит. Аӷа ихымца инапы иақәшәеит, аха иара аҭаацәа идимырдырӡеит."Сара, Џьырхәа ақыҭан сынхон, уа аҭаацәара салан. Ҽнак сабхәараа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны иртәыз аӡәы дыхәны дышьҭан, убри ибара ҳцароуп рҳәан, шьапыла, усгьы атранспорт абаҟахыз, амҩа ҳақәлеит. Ҳчымазаҩ дбаны ҳдәылҵуаны еиԥш, сашьа санихьԥшит, аха ахәра иманы дышьҭоуп ҳәа схахьы имааиӡеит, ус аӡәы ибара даазаап ҳәа сыхшыҩ уахь ицеит. Иара сгәы сыхьыр ҳәа дшәаны инапы икьаҿ ала иҵәахызаап. Издырқәоз џьоукы уаҟа исҿаҳаны, "башьа дышԥаҟоу" анырҳәа ауп ианеилыскаа аҵабырг", - илгәалашәоит аиаҳәшьа.Марттәи ажәылара аԥхьа, Гиви Аиба цәалашәарак имазшәа, аҩны дааны игәылацәа днарылсны, иҩызцәа аԥсшәа нараҳәаны, иҭаацәа уажәы-уажәы игәыдкыло аамҭа ихигеит. Анаҩс, иџьаба иҭаз ауаҭах ацаԥхақәа ааҭиган, иан лаԥхьа аишәа инықәиҵеит, "ара иҟаз" ҳәауа. Гиви иан Ҭина Ԥлиаԥҳа иаразнак цәалашәара бааԥсык лнырит, аха лхәыцрақәа ԥхалҵон. Аҵх цәгьаԥсышьала илыхганы, ашьыжь шаанӡа дгыланы лҩызак даашьҭхны, Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ддәықәлеит, ажәылара лҵшәадахеит, ихәызи ишьызи рацәаҩхеит ҳәа адырра аныҟала. Лыхны абжьаларҭаҿы ианаанҿас, "Гиви дыхәны дааргоит" ҳәа илдырқәоз џьоукы иларҳәеит. Ан лыԥсы ааиқәаҳаит, "дхәызаргьы, иԥсы ҭоуп" ҳәа. Ус ахәцәеи аԥсцәеи злааргоз амашьына аанҿасын, Гиви иҩыза Мираб Қаԥшь дааҭыҵит. Ҭина данылҿаԥшы, иаргьы дхәыҷымзи, илабжышқәа изнымкылаӡеит. Ан рыцҳа еилылкааит лцәалашәара хьанҭақәа шбашамхаз."Ҳан Гиви иԥсыбаҩ зҭаз амашьына дақәымтәаӡеит. Иара иакәымзар, дырцәеилахәазар ҳәа аҵыхәтәанынӡа ихалҵомызт ҳзынзиаз ахлымӡаах", - лажәа иацылҵоит аиаҳәшьа Ельфрида.Гиви иаб Иури Гагра араион ақырҭцәа рнапаҟны иахьынӡыҟаз аумахаҭа изаарцеит. Гәыԥ-гәыԥла иааны иҷкәын деибашьуеит ҳәа дырԥҟон, иҿахәы иҿырхырц иалагон, аха аб зегь ичҳауан. Аҵыхәтәаны дытҟәаны дыргоит, анаҩс шәаныуаки иареи еиҭнырыԥсахлоит.Гиви анышә данамарда ашьҭахь, ҽнак Иури аҩны дшыҟаз ашә абжьы геит. Аԥсҭазаара згәахшәахьаз аб аарла днеины ашә анааирт, "шәыҷкәын изы арратә комиссариат аҟнытә ааԥхьашәҟәы аазгеит" ҳәа арԥыск инапы наирххеит. Иури армаҭәа зшәыз аҷкәын диҿаԥшуа ус иаиҳәеит, "сыҷкәын дыцәоуп, дысзырҿыхом, унеины уара даарԥшы" ҳәа. Аруаҩ ауадахь иҿанынеиха, аиарҭаҟны икҿаз аԥсымаҭәа днахагылеит. Абас аб ҩаԥхьа игәы кылызблааз ахҭыс даниеит.Гиви Иури-иԥа Аиба дҭахеит хәажәкыра 16 рзы, Адик Оҭырба дызхагылаз агәыԥ "Ураган-Сатурн" дшацыз, Гәымсҭа аԥшаҳәантәи ихәыз афонҿыцтәи агәыԥ аибашьҩы иҟәаҟәа дықәҵаны аԥсуа ган ахь данигоз аамҭазы.Гиви Аиба икласс аҟнытә аибашьра ицаз рыбыжьҩык арԥарцәа рахьтә, Гиви инаҩс рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит Роберт Анқәаби Роберт Леибеи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/1c/1047709762_56:0:876:615_1920x0_80_0_0_ce36f1c8f0f6f000656f9ae8ee411ac2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, арратә дҵаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба абиԥазаҵәқәа рҽааныркыларц адҵа шыҟаиҵахьазгьы, шьала-дала зыжәлар иршьагәыҭыз арԥарцәа уи иацныҟәараны иҟазма, хымԥада рҩызцәа ахьцоз ицон. Убарҭ дреиуан абиԥазаҵә, 22 шықәса зхыҵуаз гагратәи арԥыс Гиви Иури-иԥа Аибагьы. Аибашьҩы қәыԥш инысымҩа еиҭалҳәеит иаҳәшьеиҳабы Ельфрида Аиԥҳа.
Гиви Аиба Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №5 ауп дзылгаз. Усҟантәи аамҭазы ауаа реизыҟазаашьа акалашәа иҟан. Арԥыс изҳауан иҩызцәеи иқәлацәеи рыбжьара ҳаҭыр иманы, арҵаҩцәа рыбзиабара даԥсаны, иҭаацәа ртәы уҳәозар - иани, иаби, иаҳәшьеи знызаҵәыкгьы ибжьы ҭӷаны дырмацәажәацызт, зегьы рзы дгәыбзыӷын.
Гиви аҵараҵара шиқәманшәалахоз еиԥш аспорт аҿгьы ақәҿиарақәа ааирԥшуан. Изныкымкәа зых иақәиҭу ақәԥараҟны Аԥсни уи анҭыҵи аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааникылахьан. Гиви абжьаратә школ даналга, дҭалоит Новочеркассктәи анџьныртә-мелиоративтә институт. 1992 шықәсазы, арԥыс ахԥатәи акурс хыркәшаны аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан Аԥсны дшыҟаз ауп аибашьра ишалагаз. Аҵарашықәс ҿыц шааигәахозгьы, шьҭахьҟа сцап ҳәа ихаҿы иаамгакәа, уабиԥазаҵәуп ҳәа иуа-иҭахы шиҳәозгьы, "абиԥазаҵәқәа аҩны иаанхар, аԥсуа ар аҟара ацәыӡуеит, ус анакәха Аԥсны аӷа итәитәуеит" ҳәаны, иԥсадгьыл ахьчара дазгылоит. Гиви Аиба класск аҟны аҵара ицызҵоз аҷкәынцәа, дара быжьҩык ыҟан, аӡәзаҵәык даанымгылакәа еибашьра ицоит.
Гагра араион ахақәиҭтәраан, Гиви Ԥсахара ақыҭан ахәра иоуит. Аӷа ихымца инапы иақәшәеит, аха иара аҭаацәа идимырдырӡеит.
"Сара, Џьырхәа ақыҭан сынхон, уа аҭаацәара салан. Ҽнак сабхәараа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны иртәыз аӡәы дыхәны дышьҭан, убри ибара ҳцароуп рҳәан, шьапыла, усгьы атранспорт абаҟахыз, амҩа ҳақәлеит. Ҳчымазаҩ дбаны ҳдәылҵуаны еиԥш, сашьа санихьԥшит, аха ахәра иманы дышьҭоуп ҳәа схахьы имааиӡеит, ус аӡәы ибара даазаап ҳәа сыхшыҩ уахь ицеит. Иара сгәы сыхьыр ҳәа дшәаны инапы икьаҿ ала иҵәахызаап. Издырқәоз џьоукы уаҟа исҿаҳаны, "башьа дышԥаҟоу" анырҳәа ауп ианеилыскаа аҵабырг", - илгәалашәоит аиаҳәшьа.
Марттәи ажәылара аԥхьа, Гиви Аиба цәалашәарак имазшәа, аҩны дааны игәылацәа днарылсны, иҩызцәа аԥсшәа нараҳәаны, иҭаацәа уажәы-уажәы игәыдкыло аамҭа ихигеит. Анаҩс, иџьаба иҭаз ауаҭах ацаԥхақәа ааҭиган, иан лаԥхьа аишәа инықәиҵеит, "ара иҟаз" ҳәауа. Гиви иан Ҭина Ԥлиаԥҳа иаразнак цәалашәара бааԥсык лнырит, аха лхәыцрақәа ԥхалҵон.
Аҵх цәгьаԥсышьала илыхганы, ашьыжь шаанӡа дгыланы лҩызак даашьҭхны, Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ддәықәлеит, ажәылара лҵшәадахеит, ихәызи ишьызи рацәаҩхеит ҳәа адырра аныҟала. Лыхны абжьаларҭаҿы ианаанҿас, "Гиви дыхәны дааргоит" ҳәа илдырқәоз џьоукы иларҳәеит. Ан лыԥсы ааиқәаҳаит, "дхәызаргьы, иԥсы ҭоуп" ҳәа. Ус ахәцәеи аԥсцәеи злааргоз амашьына аанҿасын, Гиви иҩыза Мираб Қаԥшь дааҭыҵит. Ҭина данылҿаԥшы, иаргьы дхәыҷымзи, илабжышқәа изнымкылаӡеит. Ан рыцҳа еилылкааит лцәалашәара хьанҭақәа шбашамхаз.
"Ҳан Гиви иԥсыбаҩ зҭаз амашьына дақәымтәаӡеит. Иара иакәымзар, дырцәеилахәазар ҳәа аҵыхәтәанынӡа ихалҵомызт ҳзынзиаз ахлымӡаах", - лажәа иацылҵоит аиаҳәшьа Ельфрида.
Гиви иаб Иури Гагра араион ақырҭцәа рнапаҟны иахьынӡыҟаз аумахаҭа изаарцеит. Гәыԥ-гәыԥла иааны иҷкәын деибашьуеит ҳәа дырԥҟон, иҿахәы иҿырхырц иалагон, аха аб зегь ичҳауан. Аҵыхәтәаны дытҟәаны дыргоит, анаҩс шәаныуаки иареи еиҭнырыԥсахлоит.
Гиви иԥсыбаҩ Гаграҟа ирыманы ианаа, Иури аҩны азааигәара ахацәеи иареи тәаны ԥхьаҟатәи ажәылара ишалацәажәоз, быжьқәак иаҳаит "Иури Аиба иԥа Гиви дышьны дааргоит" ҳәа. Аха аб ԥхыӡушәа, зны ус баша иара идҳәалам хҭыск аӡбахә иаҳазшәа дҟалеит, дтәеит, дгылеит, аԥхӡы хьшәашәа иқәнаҭәеит, нас ихы даасуа иԥа диԥылеит…
Гиви анышә данамарда ашьҭахь, ҽнак Иури аҩны дшыҟаз ашә абжьы геит. Аԥсҭазаара згәахшәахьаз аб аарла днеины ашә анааирт, "шәыҷкәын изы арратә комиссариат аҟнытә ааԥхьашәҟәы аазгеит" ҳәа арԥыск инапы наирххеит. Иури армаҭәа зшәыз аҷкәын диҿаԥшуа ус иаиҳәеит, "сыҷкәын дыцәоуп, дысзырҿыхом, унеины уара даарԥшы" ҳәа. Аруаҩ ауадахь иҿанынеиха, аиарҭаҟны икҿаз аԥсымаҭәа днахагылеит. Абас аб ҩаԥхьа игәы кылызблааз ахҭыс даниеит.
Гиви Иури-иԥа Аиба дҭахеит хәажәкыра 16 рзы, Адик Оҭырба дызхагылаз агәыԥ "Ураган-Сатурн" дшацыз, Гәымсҭа аԥшаҳәантәи ихәыз афонҿыцтәи агәыԥ аибашьҩы иҟәаҟәа дықәҵаны аԥсуа ган ахь данигоз аамҭазы.
Гиви Аиба икласс аҟнытә аибашьра ицаз рыбыжьҩык арԥарцәа рахьтә, Гиви инаҩс рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит Роберт Анқәаби Роберт Леибеи.