АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Гал ақалақь иаланхо ауааԥсыра ӡыда иаанхоит ахәаша, цәыббра 8 рзы, абри атәы аанацҳауеит "ГалМедиа".
Ақалақь ӡыла еиқәзыршәо аусура аанкылахоит ҵхагәазы. Амш зегьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит. Аӡы анрыҭахо аамҭа инҭкааны макьана еилкааӡам.
Аамҭалатәи аманшәаламра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьоит.
Гал мызкы аахыс аӡы азын ауадаҩрақәа ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит араион ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгагеи рмаҵзура аиҳабы Кахабер Изориа. Иара иажәақәа рыла, ауадаҩрақәа ахҟьоит иажәыз аӡымҩангагақәа. Дара шьҭаҵан 1965 шықәсазы, уи аахыс ирымԥсахӡацт. Ақалақь ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы аҭыԥантәи "Аӡыршьҭра" аусзуҩцәа уахгьы-ҽынгьы аус руеит.