АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы аахақәа иоуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иазгәеиҭеит, амашәыр шыҟалаз Блабырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны асааҭ 13:30 рзеиԥш.
Минивен амашьына аԥсҟы зкыз амҩа нхыҵ акәырша дасит. Иара Гәдоуҭатәи ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит, амедусзуҩцәа иҭагылазаашьа ӷәӷәаны ирԥхьаӡоит.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны аҭҵаара аоперативтә гәыԥ аус руеит. Амашәыр зыхҟьаз ҭырҵаауеит.