Аԥсны

Калуга Аԥсны аус ацура аԥеиԥш иалацәажәеит

Ақалақь амчрақәа рԥылараан ирылацәажәеит атуризм, аекономика, аҵарадырра, аҿартә политика русхк аҟны аусеицуреи аибашьра алахәылацәа ргәабзиара ашьақәыргылара азҵаарақәеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Калугаҟа инеит ақалақь амчрақәеи дареи русеицура аиҿкааразы. Абри атәы аанацҳауеит Атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҟны ирылацәажәеит атуризм, аекономика, аҵарадырра, аҿартә политика русхк аҟны аусеицуреи аибашьра алахәылацәа ргәабзиара ашьақәыргылара азҵаарақәеи.
Ақалақь ахаланапхгараҭара аиҳабы Иури Моисеев иазгәеиҭеит, ақалақь ауааԥсыра Аԥсны аԥсшьара даара бзиа ишырбо, Калуга ари аԥышәа амдара ишазыхиоу.
"Аԥсны калугаа даара бзиа ирбо ҭыԥуп. Ареспублика атуристтә инфраструктура иаҳа-иаҳа иҿиоит. Ҳуааԥсыра Аԥсны иаднаԥхьалоит аԥшӡара ҭыԥқәеи, асасдкылара ду злоу ауаажәлари. Атуризм аҿиараҿы Аԥсны аԥышәа шәымаадар ҳҭахуп. Калугагь атуристцәа еиҳа-еиҳа иаҭаауеит. Ԥхьаҟа аусеицуразы алшара дуқәа ҳамоуп, астудентцәа реимдара, аспорттә уснагӡатәқәа реицымҩаԥгара, аҿар рзы ауснагӡатәқәа реиҿкаара уҳәа рганахь ала", - ҳәа иҳәеит Моисеев.
Аиԥылараҿы ареспублика ахьӡала иҟан Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Аҳәынҭспорт азы аилак ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.