Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит апроект "Идырым аибашьҩы" аӡыргара

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирызку апроект еиҿкаауп Ахьыԥшымреи Аиааира 30 шықәса ахыҵреи аҳаҭыраз.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ажурналист Лана Аԥшьлааԥҳаи арежиссиор Беслан Лагәлааи рпроект "Идырым аибашьҩы" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны ахәаша, цәыббра 8 рзы.

"Идырым аибашьҩы" - ари раԥхьаӡа акәны акамера аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа 15-ҩык реибашьратә ҭоурыхқәа ахьеиҭарҳәо проектуп. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан мызкы, иалахәу афырхацәа аагоуп Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи.

Апроект аӡыргараҟны ахәаԥшцәа идырбан аибашьра аналагоз 19 шықәса зхыҵуаз Леон иорден занашьоу, аветеран Андреи Малиа изкны авиденҵамҭа. Аветеран еиҭеиҳәоит иеибашьратә мҩа, дазааҭгылоит иара иԥсҭазаараҿ аибашьра ианнажьыз ашьҭақәа ртәы.
Иара убасгьы асасцәа ирбарц рылшон Беслан Лагәлаа иҭихыз апроект афырхацәа рфотосахьақәа.
Апроект афинанстә цхыраара анаҭеит амобилтә еимадара "А-Мобаил".
"Даара акыр аҵанакуеит ас еиԥш иҟоу апроектқәа. Ҳаԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа идеилныркаауеит аветеранцәа рфырхаҵарақәа ртәы. Еснагь аинтерес аҵоуп идырым аибашьҩы иҭоурых", - ҳәа азгәалҭеит амобилтә еимадара "А-Мобаил" ауаажәларреи аимадареи рыҟәша аиҳабы Астанда Ҷкадуаԥҳа.
Апроект автор Лана Аԥшьлааԥҳа илҳәеит аацҳамҭақәа рацәаны ишылзаауа уаажәраанӡа ауаажәларра ирзымдыруа аибашьцәа рҭоурыхқәа ирызкны. Ажурналист агәыӷра аалырԥшит апроект ҳапҳьаҟагьы иацҵахап ҳәа.
Арадио
Аԥшьлааԥҳа "Идырым аибашьҩы" азы: иааит аамҭа ицәыргамыз ауааԥсыра рҭоурых аиҭаҳәара