АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ иатәу амотошьаҟаҩцәа "аӷа" иҽазыҟаҵаратә лагер ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
"Аӷа" итыл иагәылахалаз амотошьаҟаҩцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргеит аԥырҩы дызҭам ахархәага "Орлан-10", акәылӡтранспортиорқәа БТР-82А алархәны. Аԥхьа аԥшааратә гәыԥ уаҩ дызхым ахыбраҿы аӷа дгәарҭеит, нас ажәылара мҩаԥыргеит.
БТР-82А, агранатаршәга РПГ-7В, аштаттә абџьар ала аӷа дҭархан.