Аԥсны

Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа имҩаԥысит апоезиа ахәылԥаз

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аусмҩаԥгатә еиҿнакааит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны имҩаԥган апоезиа ахәылԥаз ахәаша, цәыббра 8 рзы.

Аусмҩаԥгатә аартуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит, ианакәзаалакгьы ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи ҳмилаҭ интересқәа рыхьчара иазықәԥоз ҳажәлар рыгәҭа ишыҟаз.

Ари аус аҟны дара ирылшеит рҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкы анагӡара, уи ус шакәу арҵабыргуеит аиҿкаара "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩыс Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩ Алықьса Гогәуа иҟалара.
Аԥҳазоу иазгәеиҭеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи акьыԥхь аҟны иқәгыланы ақырҭуа ган рырбџьармчқәа Аԥсны иалыргарц азы ааԥхьарақәа шыҟарҵоз. Иара убасгьы, ишыҟаз аԥсуа еибашьцәа ахьтәаз аҭабиақәа ирҭаауазгьы.
Еизаз идырбан арратә архив аҟынтәи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа ҳаибашьцәа ргәы шьҭызхуаз ашәақәа ахьынарыгӡоз. Анаҩс, Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгылеит.
Еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуа апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи, аибашьреи аԥсадгьыл абзиабареи ирызкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Сынтәа Аԥсны иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра. Цәыббра 30 1993 шықәсазы ҳтәыла Арбџьармчқәа Егры аҳәааҟны иахадаргылеит аҳәынҭқарратә бираҟ, уи алагь идырҵабыргит 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра ишаиааиз.