АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Ареферендум ахь ицәырырганы иҟаз азҵаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа заанаҵ имҩаԥгатәуп ҳәа шәыԥхьаӡома?" аԥшьызгаз агәыԥ рҭаҩра аанкылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы.
Анапынҵамҭақәа реизгара аанкыланы ашәҟәҭаҩра аԥыхуп, ҩымз рыҩнуҵҟа аԥшьгаратә гәыԥ иахәаҭаз ашәҟәқәеи анапынҵамҭақәеи еидкыланы Алкратә комиссиа хадахь иахьнарымгаз азы.
Аԥсны ахада игәрамгаразы ареферендум азҵаара ықәыргылан лаҵара 30 рзы имҩаԥгаз аоппозициаа рмитинг апресс-конференциаҿы. Аԥшьгаратә гәыԥ иалоуп 36-ҩык, дара АКХ ахь адокументқәа аларҵеит 2022 шықәса рашәара 27 рзы.
Аԥсны алхратә комиссиа хада иҭанаҩит атәыла ахада игәрамгаразы ареферендум мҩаԥызгарц згәы иҭаз аԥшьгаратә гәыԥ ԥхынгәы 4, 2023 шықәсазы.