Аԥсны

Ажьырныҳәамза аахыс Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәра шәмиллионк инареиҳаны иахҭынҵоуп

Аусбарҭа ахықәкытә программа – Аԥсны атәылауаа атәыла аҩнуҵҟеи анҭыҵи рыхәшәтәразы 2023 шықәсазы иазоужьын 120 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. 2023 шықәса ҳаҭалазар 102,7 миллион мааҭ инареиҳаны Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәра иахҭынҵоуп ҳәа амедиа-клуб "Апсны-иахьа" иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Аиҳарак чымазарақәаны иаҳԥылоит абронхқәеи арԥҳақәеи, ашьеикәыршареи, абаҩ-жьышә система, арҳәарах, аҷаҷа чымазарақәа, акьыбачымазара, аендокринтә чымазара", - иҳәеит иара.
Уи адагьы, ареспублика ауааԥсыра атәыла анҭыҵ аклиникақәа рҿы рҽырхәшәтәуеит хымԥадатәи амедицинатә полис ала. Аминистр иҳәеит ОМС амазаара иалҵшәаны 120 миллион рҟынӡа Аԥсны абиуџьет еиҷаҳауп ҳәа.
Аминистр иажәақәа рыла, аполис ала рҽырхәшәтәуеит ачымазара хьанҭа змоу, ашәахәатә ма ахимиотерапиа ззыҟарҵо, агәы ахьаа змоу. Иара убасгьы ари апрграмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥҟарақәа мҩаԥыргоит.
2023 шықәса ҳҭалазар амедицинатә цхыраара аполисала ирыҭоуп 26 -ҩык Аԥсны атәылауаа.
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи ауааԥсыра рыхәшәтәразы иазоужьу аԥара иазырҳауп