Аԥсны

Инал Арӡынба Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра дырԥылеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр иныҟәарақәа адҳәалоуп Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеит 15-шықәса аҵра. Уаанӡа асеиԥш аиԥыларақәа мҩаԥган Очамчыреи Тәарчали араионқәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр.
Ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа, иахьа ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа, иара убасгьы адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура рызҵаарақәа.
"Урыстәыла ҳара ҳадәныҟатә политика иагәыцәуп. Ҳаизыҟазаашьақәа ҵаҳшәаар иҳадгыло аҳәынҭқарра ду ҳцәыӡит ауп иаанаго", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иҳәеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи рекономикатә еимадарақәа шыӷәӷәахо, ақырҭуа диаспора ракәзар ртәыла аинтересқәа активла ишрыцхраауа. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан Аԥсны агеополитикатә мҩа ахықә иқәымхартә аиԥш иҟаҵатәуп ҳәа иҳәеит иара.
"Ари аҭагылазаашьаҿы ҳаҵамхароуп. Уи азы хра аманы аус улатәуп. Аҽазныкгьы аҭоурыхтә мҩеихысырҭа ҳангылоуп. Ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи амш зеиԥшрахаша иахьа ирыӡбоит", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Аԥсны аҿиаразы аекономикатә еизҳара аҭахуп иҳәеит аминистр. Уи ада изалшаӡом асоциалтә усхк аиҭакра, ар реиҭакра. Атәыла ашәарҭадарагьы арҭ аусқәа иузырҟәымыҭхо ирыдҳәалоуп.
Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҟны ибжьажьу алшарақәа шыҟоу, иаҳҳәап иаку ар ргәыԥ аԥҵара ахьалмыршахаз. Иара убасгьы аминистр иҳәеит, Пицундатәи аҳәынҭдача азҵаара аинформациатә мҩаԥгарагьы атәылақәа реизыҟазаашьа анырра шанаҭаз.
"Апатриотизм иаша хаҭабзиарала ихаҭәаазароуп. Раԥхьа иргыланы аусқәа, алҵшәақәа, алкаақәа, аӡбрақәа. Ацәаныррақәа шьҭахьҟа ҳанхьарцо ҟалоит, ҳаӷацәа рзы ихәарҭахоит", - ҳәа иҳәеит иара.