АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Ӡиӡариа имҩаҟны агорельеф аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура.
Агорельеф ахәҭақәа зегьы ҿыц анышәаԥшь ала еиҭаҭырҭәан, урҭ акыр шықәса рнаҩс иԥхасҭамхарц азы иҷыдоу ахьшьыгала аус адырулеит.
Аусурақәа мҩаԥыргеит иахьа Германиа инхо, авторцәа руаӡәк Владимир Шьенгьелиа иҟаиҵаз аекскизқәа рыла.
Агорельеф алашара аҵыԥхоит, ари амҩа хәҭаҟны афымцатә шьаҟақәа ԥсахәуп.
Уи аԥхьа Ӡиӡариа имҩаҟны агорельеф ахькыду аҭӡы еиҭашьақәыргылан.