АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Пицунда урыстәылатәи атуристцәа цәыббрамзазы азҩыдатәратә ԥсшьараз зегь раасҭа иалыркаауа хә-ҭыԥк рыбжьара иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит заа анхарҭа аанкыларазы амаҵзура Tvil.ru.
Пицунда асиаҟны аԥшьбатәи аҭыԥ аанакылоит, иара иаԥхьагылоуп Шәача, Геленџьык, Кисловодск. Ахәбатәи аҭыԥ аҟны иҟоуп ҟрымтәи акурорт Евпаториа.
Уи анаҩс, урыстәылатәи атуристцәа еицырдыруа курортқәаны иалыркааит Пиатигорс, Светлогорск, Ессентуки, Саки, Железноводск.
Акурортқәа зегь раасҭа зыхә ҳараку акәны иԥхьаӡоуп Светлогорск - уахыки-ҽнаки бжьаратәла аӡәы инхара 40 нызқь мааҭ инареиҳаны иартәоит.
Зегь раасҭа ибиуџьеттәу хырхарҭан иԥхьаӡоуп Ставропольтәи атәылаҿацә акурортқәа - Пиатигорск, Ессентуки, Железноводск. Уаҟа бжьаратәла уахык анхара 2500 - 2734 мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп.