АҞӘА, цәыббра 10- Sputnik. Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодар аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Иҩуаз ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу ҩышықәса зхыҵуа ақьақәақәеи аҽанқәеи рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит аҽы- Карель Абан.
Аҽы Осман Аба- арабтәи ҽыҩжәлақәа иреиуоу ҩышықәса зхыҵуа ақьақәақәеи аҽанқәеи рыбжьара "араӡны" агеит.
Аҽыҩқәа рыԥшәма - Беслан Аԥҳазоу.