Аԥсны

Аминистрцәа реилазаараҟны иалацәажәеит зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа рзы ацентр аԥҵара

Аминистрцәа реилазаараҿы аиԥылара иалахәын Аԥсны ахәыҷтәы фонд, аиҿкаарақәа "Панорама", "Кьараз" рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаараҟны аԥыза-министр Александр Анқәаби ахәыҷқәа аус рыдызуло аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи алацәажәеит зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа рзы ацентр аԥҵара азҵаара ҳәа аанацҳауеит аиҳабыра рпресс-маҵзура.
Аԥсны ахәыҷтәы фонд аиҳабы Асида Ломиаԥҳа ишылҳәо ала, ареспубликаҿы аҭыԥ амоуп ззинқәа змыху, иҭаку, асоциалтә хымҩаԥгашьа змоу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа, иара убасгьы аҭаацәа змам ахәыҷқәа рыпроблема.
Еилацәажәоз ргәаанагарала, апроблема ыҟазар алшоит амчратә усбарҭақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, асоциалтә маҵзурақәа, арҵаратә усҳәарҭақәа реинырра рацәак иҽеины иахьыҟам азы.
Аԥсны
Ахәыҷтәы омбудсмен Ерик Матуа иӷьычра аҭагылазаашьа ахылаԥшра алҭалоит
Уи адагьы, аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит апроблема шыҟоу азакәанԥҵара аганахьалеиԥш, ахәыҷқәа аус рыдызулаша аҟазауаа ахьыҟам азгьы. Иуадаҩу ахбыџцәа аус рыдызулаша аҟазауаа ахьыҟоу ацентр аартра ари апроблема аӡбара иацхраара алшоит. Ԥхьаҟа иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа усбарҭаны иаанхаргьы ауеит.
Абри азы ажәалагала азырхианы Аминистрцәа реилазаарахь инарышьҭраны иҟоуп ауаажәларратә еиҿкаарақәа, ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа рымҩаԥгашьа аӡбаразы.