"Дцон аԥҳәызба еибашьра" абас ахьӡуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз апроект. Араҟа аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәалоит.
Арадио Sputnik иахьатәи асас - Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Анна Шьаҟрылԥҳа. Лара еиҭалҳәеит аибашьра хь лцара шыҟалаз, дахьеибашьуаз архәҭа арбан, изықәшәоз алаӷырӡ еиԥш аччарагьы зцыз ахҭысқәа ртәы.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.