АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны амемориали анышә иамадоу аибашьцәа ирхагылоу ахаҳәқәеи ирыдҩылоу дырҿыцоит Аиаара 30 шықәса ахыҵраз
АУ "Ақалақьргыларапроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа ишиҳәаз ала, ишьақәдыргылоит Борис Кәыҵниа инышәынҭрахаҳә.
"Аханатә анышәынҭрахаҳәқәа зегьы дырцырцырит, анаҩс аҩырақәа ахьԥшшәыла иршәит. Уи адагьы ихадоу амемориал аҟны адҩыларақәа рышьақәыргылараз аусурақәа мҩаԥгахоит", - иҳәеит иара.
Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп цәыббра 22 рҟынӡа.