Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы анаркотикқәа риагара аԥдырҟәҟәааит

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа аметадон аиагара иҽазишәеит аҳәаанырцәтәылауаҩ ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
37 шықәса зхыҵуа ахаҵа дааныркылеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ихымҩаԥгашьаз агәызҩара анроу. Иара аҳәаахьчаҩцәа рзин имамкәа апаспорттә хылаԥшра ацәаҳәа нижьит.
Агәаҭара иахыжьраан иеиқәа аџьыбаҿы ирбеит анаркотикқәа реилаҳәара.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит анаркотикқәа рконтрабандаз.
Аԥсны
Аԥсны атәылауаҩ 16 шықәса иқәырҵеит анаркотикқәа раахәареи рыҭиреи рзы