Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ 16 шықәса иқәырҵеит анаркотикқәа раахәареи рыҭиреи рзы

Леон Зарандиа иганахь ала ашьаус иахәаԥшуан Гагратәи араионтә ӡбарҭа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Леон Зарандиа 16 шықәса иқәырҵеит зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ихигарц анаркотикқәа раахәареи рыҭиреи рзы, иара убас ареспублика абиуџьет ахь иршәахоит 650 000 мааҭ ахараԥса.
Зарандиа закәаншьаҭада 48,853 грамм аметадон аахәара, амазаара, аҭиразы амҩангареи гәыԥҩык дрылахәны 0,869 грамм анаркотикқәа рыҭиреи, атәылауаҩ Гаиазова Д.Е. аԥхасҭа ӷәӷәа лыҭареи рзы ахара идырҵоит.
Гагратәи аӡбарҭа иара ахара ихароуп ҳәа аӡбеит.