АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Риҵа" ари ашықәс азы даҽа ҩынтә Аԥсны иаҭаауеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсныеихамҩа" апассаџьыртә маҵзура аиҳабы Руслан Ҳаразиа.
"Адәыӷба ф-вагонк рыла ишьақәгылоуп, иҟоуп авагон-ақьафурҭа. Раԥхьатәи агәаҭаратә реис 82-ҩы апассаџьыр аанагеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҳаразиа иажәақәа рыла, хаҭабзиара ҳаракыла апассаџьырцәа рымаҵ ауразы иаԥҵоу "Аԥсныеихамҩа-тури" "РЖД-тури" еимадоуп ҳреспубликахь атурисцәа иманшәаланы раагаразы.
Аԥсныҟа иаауа адәыӷбақәа рпассаџьырцәа рзы иазгәаҭоуп атуристтә программа - Риҵатәи ареликттә парк, Афонҿыцтәи аҳаԥи аберҭыԥи раҭаара, Аҟәа аҭыԥшӡарҭақәа рбара, иара убас Илыртәи ауахәама аҭаара ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.