Аԥсны

Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи дәылгоуп арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟоу адырразы

Ашкол аҵакыра иакәшаны игылоуп, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, ахҭыгәлаҩцәа апарк аҟынтәи аҭагылазаашьа иашьклаԥшуеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟынтәи аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи дәылгоуп арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵоу адырразы ҳәа Sputnik изеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа.
"Макьаназ акгьы ҳамбацт. Аҭел дасит идырым аӡәы. Аусурақәа мҩаԥысуеит. Ҳгәыӷуеит адырра мцуп ҳәа" - иҳәеит Кәыҵниа.
Ашкол аҿы аус руеит асапиорцәа, акинологцәа Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа.