АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз иашам ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ашкол аҿы аус зуаз асапиорцәа, акинологцәа ахыбра зегь гәарҭеит, аха ишәарҭаз ҳәа акгьы рымбеит.
Аҩбатәи ашкол аҟынтәи аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ашкол идәылган арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырразы. Ашкол ахь инеины аус руан асапиорцәа, акинологцәа Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа.