АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik, Бадри Есиава. 32 шықәса зхыҵуа ахаҵа Афон амҩан иҟалаз амашәыр аҟны дҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иазгәеиҭеит амҩатә машәыр шыҟалаз аԥшьаша, цәыббра 14 ашьыжь асааҭ 6:00 реиԥш. Амашьына аԥсҟы зкыз изаанымкылаӡакәан ашьаҟа дшасыз.
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны аоператив ҭҵааратә гәыԥ аус руеит иҟалаз ахҭыс аҭҵааразы.