АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Владимир Аршба, Гиви Агрба, Мушьни Хәарцкьиа рбиустқәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иқәдыргылоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз ҳәа иҳәеит Акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Иара иажәақәа рыла, иахьа абиустқәа зқәдыргыло апостаментқәа рҭарҭәара иалагоит, абиустқәа рхаҭақәа цәыббра 20 рзы иқәдыргылоит. Официалла аартра мҩаԥгахоит цәыббра 30 рзы.
Абиустқәа рескизқәа аус рыдыруылеит асахьаҭыхыҩцәа Амиран Адлеибеи Руслан Габлиеи. Дара роуп Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иқәгылоу Сулҭан Сосналиеви Сергеи Дбари рбиустқәагьы авторцәас ирымоу.
Владимир Аршба – Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден занашьоу, раԥхьатәи Аԥсны атәылахьчара аминистр.
Гиви Агрба – Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу.
Мушьни Хәарцкьиа – Аԥсны Афырхаҵа, Гәымсҭатәи ахыхьчаратә цәаҳәа акомандаҟаҵаҩ, аҵарауаҩ, археолог. Дҭахеит 1992 шықәса, ԥхынҷкәынымзазы Мрагыларатәи афронт аҿы, Лашькьындар ақыҭаҿ.