Арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" исасны иаҭаз зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь игьежьыз Нурсеҭ Ахба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылантәи иџьынџь ахь ихынҳәра шыҟалаз, ара иԥсҭазаара шеиҿикааз, насгьы, ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы иҟаҵатәу.
Нусреҭ иани иашьеиҵби Ҭырқәтәыла инхоит, иара арахь данаауаз атәы еиҭаҳәо иазгәеиҭеит, иан лзы уи шымариамыз, аха сыԥсадгьыл ахь сцоит ҳәа шлаиҳәаз. Ақыҭан иҟаз аиҳабацәа ракәзар, ҳаумырԥхьашьан ҳәа ажәа инырҵеит.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.