АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа адиагностикатә маҭәахә ҿыцқәа азаахәоуп, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Амедусҳәарҭа иаҭоуп еиҭаҵуа арентген-аппарат, афымцагидравлиатә операциатә стол, адезинфекциа ҟазҵо арепроцессор, адерматом, авидеогастроскопқәа ҩба, авидеобронхоскоп, ендоскоптә авидеопроцессор, амедицинатә кәырҷыжь, амедицинатә монитор, афымцатә аквадистиллиатор, адиагностикатә отоскоп.
Аҳақьым хада и.н. Инесса Камлиаԥҳа лажәақәа рыла, амаҭәарқәа реибыҭара иалагахьеит.
"Амаҭәарқәа шықәҳаргылалак абжьаратә медицинатә усзуҩцәа дырҵара ҳалагоит. Абри аус аҿы ацхыраара ҳаиҭараны дыҟоуп, уажәы ҳара ҳҿы Башкириантәи аԥышәеимдаразы иаашьҭу ҳколлега – ахәыҷтәы хирург", -лҳәеит лара.
Агәабзиарахьчара министр Едуард Быҭәба иҳәеит амедицинатә маҭәар ҿыцқәа ишрықәхарџьу 9,5 миллион мааҭ. Уи адагьы ахәшәтәырҭа алабараториа арҽеиреи аиқәыршәареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит иҳәеит иара.
"Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа атехникатә еиқәыршәара аҭахны ишыҟаз аадыруан, аиҳаракгьы алабораториа. Уаанӡа иаахәан абиохимитәии агематологиатәии анализаторқәеи, егьырҭ ихәарҭаз амаҭәарқәеи 5 миллион мааҭ рыхә. Сынтәа, урҭ ахьықәдыргыло ауада аиҭашьақәыргылара иалгеит. Уажәы алабораториа атесттә режим ала аус ауеит, хара имгакәаны иныҭкааны аусура иалагоит", - иҳәеит иара.
Алабораториатә диагностика аҟәша аиҳабы Иван Бурбуниди иҳәеит, алабораториа аусура ишалагалак амедусҳәарҭа еиҳа хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра ацхыраара шырнаҭало. Знык ала 40 анализ ҟанаҵар, урҭ рылҵшәақәагьы 5 минуҭк ирхымгакәа иуоуртә иҟалоит иҳәеит иара.